Арадиобзиабаҩцәа рымш иазкны: ажәабжь бзиа ҿамҩак аҳауа цқьа иаҩсуеит

© Sputnik / Илона ХварцкияБелла Барциц
Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи арадиобзиабаҩцәа рымш азы арадио ауаҩы иԥсҭазаараҿы ҭыԥс ианнакыло Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа илзеиҭалҳәеит 32 шықәса арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" аҟны дикторс, корреспондентс аус зуаз апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны арадио цәырҵижьҭеи 125 шықәса ҵуеит. Аха иҟоуп акрызҵазкуа даҽа рыцхәкгьы, 95 шықәса раԥхьа, мшаԥымза 18 рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи арадиобзиабаҩцәа рымшгьы. Ари арыцхә инамаданы арадио ауаҩы иԥсҭазаараҿы ҭыԥс ианнакыло ҳзеиҭалҳәеит 32 шықәса арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" аҟны дикторси, корреспондентси аус зуаз апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион аҟны 1936 шықәсазы ақырҭцәа аус адыруит рхатәы бызшәала ицәажәоз, рполитика ӡырызгоз арадио. Уи ашьҭахь абиԥарак ианрызҳа ауп, аԥсышәала ажәабжьқәа ҭыҵуа ианалага.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

"Ицәажәоит Гагра" ҳәа лыбжьы хааӡа, аԥсышәала ҳауаажәлар ҿамҩак аҳауа цқьа ирзаҩызаз ажәабжьқәа рылалҳәо далагеит адиктор-акорреспондент Белла Барцыцԥҳа.

Хымԥада Аԥснытәи ажәабжьқәа Гаграа ираҳауан аԥсуа радио ала. Аха араион иадҳәалаз қырҭшәала мацара акәын.

"Гагра араион, иара Аԥсны ахи-аҵыхәеи рыӡбахә змаҳахьадаз Борис Кьахьыр-иԥа, Ҳараз Чамагәуа уҳәа реиԥш иҟаз, зыԥсадгьыли, зыжәлари, зхатәы бызшәеи згәы азыбылуаз ахацәа. Убарҭи дара рҩызцәеи ирыбзоурахеит 1967 шықәсазы ақырҭуа радиодырраҭараҿы аԥсышәала ажәабжьқәа рцәырҵра", - ҳәа илгәалалыршәоит "Ицәажәоит Гагра" раԥхьатәи адиктор Белла Барцыцԥҳа.

Мчыла, қәԥарала мацара мчыбжьык хынтә, жәохә минуҭ ирылагӡаны гаграа ироуит алшара аԥсышәала аколнхара аԥсҭазаареи, аҵарадырреи, аспорти ирызкыз ажәабжьқәеи, Белла Барцыцԥҳа еиҿылкааз алитературатә дырраҭареи рзыӡырҩра.

"Сара аԥсуа школ аҿгьы аус зуан. Уаҟа сҵаҩцәа ажәеинраалақәа дырҵаны, арадиодырраҭарахь ааԥхьара рысҭон. Убас азыӡырҩцәа ирыдызгалон саныхәыҷызнатә еидыскылоз асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Аефир ахь исышьҭуан жәлар рашәақәа. Ажәакала, шьаҿа-шьаҿа ақырҭцәа ихәаҽны ирымаз ҳхатәы бызшәеи ҳкультуреи аԥсы еивнаго иалагеит", - лажәа иацылҵоит лара.

Анаҩс, қырҭшәала иҭыҵуа иалагаз агазеҭ "Авангард" ианыз ажәабжьқәа, Белла Барцыцԥҳа аурыс бызшәахьы еиҭаганы илырҭон, лара аԥсшәахь ииаганы ажәлар ирыдылгаларц. Аха урҭ ирныԥшуаз ақырҭуа бзазара акәын аҟнытә, изныкымкәа аиҳабыра рабжьгарақәа мап рцәылкхьан, уи азы гәыбӷангьы лырҭахьан.

"Ҳара ҳаззықәԥоз ҳажәлар ринтересқәа ракәын, дара еиҭа иҳамаз жәохә минуҭ рҽаԥыршьуеит ҳәа иаҿын. Аха Борис Кьахьыр-иԥеи, Ҳараз Чамагәуеи ахьыҟаз узыцәшәози, иаразнак ирыхәҭаз ажәақәа раҳәашьа иақәшәон", - ҳәа азгәалҭоит арадио амҩаԥгаҩ.

агазеҭ Гагрский вестник - Sputnik Аҧсны
Ихатәроу ақәра: агазеҭ "Гагрский вестник" 20 шықәса ахыҵит

Белла Барцыцԥҳа акомпартиаҿы алозунгқәеи, ааԥхьарақәеи дрыԥхьалон, убас апарадқәа раан ацәаҳәа иқәсуаз дрыхцәажәон. Шықәсык зны, Аиааира Ду амш аҽны, Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан, ашәҭ шьҭаҵарахь Ганҭиадтәи ашкол-интернат анааиуаз, аҳабла аҭоурыхтә аԥсуа хьӡы Цандрыԥшь лҳәеит. Усҟан аусура ламхра азҵаарагьы шьҭырхит, аха аԥсуа активистцәа ҩаԥхьа аҿагылара рырҭеит.

Гагра араион аҟны аҭыԥантәи арадио аусура ианалага ажәлар ирызхаҵомызт. Аԥсуаа рхатәы бызшәала, насгьы зыӡбахә бзианы ирдыруаз апоетесса қәыԥш Белла Барцыцԥҳа лҟынтә ажәабжьқәа раҳауа ианалага ргәы шьҭыҵит, иит агәыӷра наҟ-наҟ аԥсуа школи, агазеҭи, ателехәаԥшреи цәырҵып ҳәа.

"Усҟан, Гагра аҩнеихагылақәа рҿы арадиофикациа наган. Уаҭахцыԥхьаӡа арадиодкылақәа (приемник) кыдан. Арадиодырраҭараҟны аԥсышәала ажәабжьқәа аефир ахь иҭыҵуа ианалага аамҭа ҳԥхьаӡон инымҵәандаз ҳәа. Аха иара жәохә минуҭ ракәын иазыԥҵәаз. Ҳаԥсыԥ еивымгакәа ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳазыӡырҩуан. Ҳажәлар аколнхараҿы, абзазараҿы, рнапы злаку аусқәа рҟны иаадырԥшуаз аихьӡарақәа ҳхатәы иааирақәа реиԥш иҳадаҳкылон", - игәалашәоит арадиобзиабаҩ, акыр шықәса ажурналистике, аҵарадырреи ирзааԥсахьоу Валери Орчыҟәба.

Иахьатәи ҳаамҭазгьы арадио иазыӡырҩуа рацәаҩӡоуп. Ҳауаажәлар, аиҳарак аиҳабыратә абиԥара ираҩрыжьӡом аԥсуа радиои, арадио "Спутник Аԥсни".

"Аԥсуа радио аҟны Сырма Ашәԥҳа редакторс дызмоу адырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы" даара сгәы азыбылуеит. Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, мамзаргьы раԥхьаӡа акәны забдуцәа рыдгьыл ахь зшьаҿа еихызгаз ҳауаажәлар данрыҿцәажәо, урҭ рыгәҭахәыцрақәа лаӷырӡыда адкылара уадаҩуп. Акырӡа сазҿлымҳауп арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа лассы-лассы дызԥхьо ллафтә колонкақәа", - иажәа иациҵоит Валери Орчыҟәба.

Белла Барцыцԥҳа "Ицәажәоит Гагра" амаҵ азылуит 1998 шықәсанӡа, анаҩс дикторс аус луит ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса, еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" аусура аанкыоуп, аха ажурналистцәа рабиԥара еиҳабы агәыӷра рымоуп аԥсуа патриотцәа нагацәа рџьабаа зду, насгьы ҳмилаҭтә культура абеиареи, ҳхатәы бызшәа аҿиареи рҿы ицхыраагӡоу арадио гаграа ҩаԥхьа абжьы раҳап ҳәа.

Адунеизегьтәи арадиобзиабаҩцәа рымш шьақәгылеит мшаԥымза 18, 1925 шықәсазы Париж, Жәларбжьаратәи арадиобзиабаҩцәа Реидгыла аԥшьгарала. Арадио ахаҭа цәырҵит 1895 шықәсазы, аурыс физик Александр Попов ибзоурала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0