Аԥсны

Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион аҿы амца зкыз аҵҩаа дырцәеит

Аҵҩаа амца акит араион ақыҭақәа ԥшьба - Ҷлоу, Ӷәада, Мықә, Араду рҟны жәабран 13 ауыха. Амцакрақәа уаанӡагьы иҟан. Амчыбжь аҩнуҵҟа амца 40 гектар рҟынӡа иамҽханакит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа араион ақыҭақәак рҟны амца зкыз аҵҩаа дырцәеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
"Иаха аҵх иалагӡаны амца ҳарцәеит. Асааҭ 03:40 рзы аҷкәынцәа ироуыз аҵыхәтәантәи адыррала амцарцәараз амҩа иқәлеит. Иахьагьы амш бзиоуп, агәырҭынчра ҟалом", - иҳәеит иара.
Амцакрақәа ҟалалоит ауаа ааԥынтәи адәныҟатә усурақәа рҽанырзыҟарҵало аамҭазы, аҵҩаа амца аркны адгьыл аныдрыцқьо, ацәаӷәара ианаздырхио. Амца ахылаԥшра уадаҩуп, ианрыцәцо ыҟоуп. Убри аан идырым џьоукы гәҭакрыла амца анықәырҵалогьы ҟалалоит ҳәа иҳәеит Ԥачлиа.