Аԥсны

Аҟәа иргәаладыршәеит аибашьцәа-аинтернационалистцәа

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аҟәа иргәаладыршәеит аибашьцәа-аинтернационалистцәа.
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, ареспублика ауаажәларра, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Афган еибашьуаз реидгыла, Россотрудничествеи Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәеи.
Урыстәыла Аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара амш азгәарҭоит жәабран 15 рзы. Абри амш азы, 35 шықәса уажә аԥхьа асовет ар Афганисҭан иалган.