Аԥсны

Аԥсны 3421,7 тонна аԥсыӡшыла аҳәаа иахыгоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. 2024 шықәса ианалага аахыс Аԥсны аҳәаа иахыгоуп 3,4 миллион кьыла аԥсыӡшыла, 877 кьыла инеиҳаны аԥсыӡхәша, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Иазгәаҭоуп, арҭ арбагақәа кырӡа еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа. 2023 шықәсазы аҳәаа иахыган 259,7 кьыла аԥсыӡшыла, 97,5 кьыла инеиҳаны аԥсыӡхәша.
2023 шықәсазы аԥсыӡкраамҭа хьысҳаны имҩаԥысит, аха сынтәа арбагақәа бзиоуп. Аԥсыӡкра ҟалоит хәажәкыра 31 рҟынӡа.