Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәеи иусумҭақәа рықәҭыхымҭақәеи ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит акультура-усутә платформа "Гәыма" аҿы жәабран 21 аҽны.
Акультура-усутә платформа "Гәыма" аҳәаақәҵаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы иазгәалҭеит еицырдыруа асахьаҭыхҩы инысымҩа кьаҿын, аха уи аамҭа иалагӡаны илшеит деицырдыруа дҟазҵаз аҭыхымҭа шьахәқәа раԥҵара ҳәа.
"Ҳара ҩышықәса раԥхьа имҩаԥаҳгахьан ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уажәы еиҭеиҿаҳкаарц ҳаӡбеит, аматериал аидкылараҿы Аза Аргәынԥҳаи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ҳацхрааит. Урҭ ирылоу аусумҭақәа ахааназгьы уаҳа џьаргьы иубаӡом (Амилаҭтә галереиа афонд иалаблит - азгә.). Ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу аусумҭақәа урҭ рыԥшәмацәа ирҭахны инаргар гәахәарыла иҳадаҳкылоит", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба диит 1960 шықәса жәабран 21 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа аграфика афакультет. Далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Мшаԥы 28 2004 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала Леуарса Быҭәба ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара. Леуарса Быҭәба иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.