Аԥсны

Аҳақьымцәа ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара ҭышәндыртәалеит

Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба Пицунда иӡхыҵит ахәаша, жәабран 16 рзы. Ԥшьҩык бааԥсыла акы рԥырхагаханы Гагратәи ахәшәтәырҭахь иргеит, даҽа хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа рыԥшьҩык ргәабзиара ҭышәндыртәалеит. Дара уахь инанагеит бааԥсыла акы рԥырхагаханы. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Ачымазцәа зегьы аҵәыҵәри зҿакыз ирхырхит. Аҳақьымцәа ргәабзиара иӷәӷәоу иҭышәантәалау ҳәа ирԥхьаӡоит. Дара макьана ареанимациаҟны ишьҭазаауеит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Аусбарҭаҟны ирҳәеит ачымазцәа руаӡәк деиӷьхан апалатахь дшиаргаз.
Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба Пицунда иӡхыҵит ахәаша, жәабран 16 рзы. Ԥшьҩык бааԥсыла акы рԥырхагаханы Гагратәи ахәшәтәырҭахь иргеит. Даҽа хҩык зыԥсҭазаара иалҵқәаз рыԥсыбаҩқәа Гагра аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит.