Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа “Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект атәы

Sputnik
“Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект хацнаркуеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи. Уи хәҭа-хәҭала еихшазаауеит, иара аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 8 рзы еиҿкаахоит аԥсадгьыл аҵеицәа зааӡаз анацәа рфотосахьақәа рӡыргара. Иахьазы амузеи имҩаԥнаго аусуреи, афотоҭыхымҭақәа реидкылараҿы ирыцхраауеи, ас еиԥш аматериал аҭоурых азы аҵакы атәы далацәажәеит Гәдоуҭа иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Абри аибашьра иалахәыз, иалсыз ирызкуп, аха раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз, иҭахаз 1716-ҩык ранацәа роуп. Хымԥада, афотосахьақәа реизгара даара иуадаҩуп, аиҳарак ҳамоуп, аха ҳазлацо -ҳазлаауа ахьҳамам аҟынтә Мрагыларатәи афронт иадҳәалоу рзы дҳацхраауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә комиссариат аҟны аус зуа Рауль Амҷба. <…> Аибашьра ахьанҭара, алаӷырӡ, агәырҩа иаҵгәоз анацәа 80% иахьа Гәдоуҭа араион аҟны рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Зыԥсы ҭоугьы, зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы рфотосахьақәа еизаҳгоит", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны раионцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа зыхьӡ зынӡа иҳәам, зыхшара аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз, агәырҩа зҽылаҳәаны зыԥсҭазаара иалҵыз анацәа шыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.