https://sputnik-abkhazia.info/20240217/azlatsazhasha-amoup-ykyra-afyrkhatsa-zaaaz-anatsa-zakhu-aproekt-aty-1050160677.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа “Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект атәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа “Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект атәы
Sputnik Аҧсны
“Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект хацнаркуеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи. Уи хәҭа-хәҭала еихшазаауеит, иара аҳәаақәа... 17.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-17T18:40+0300
2024-02-17T18:40+0300
2024-02-17T18:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0e/1050160962_0:0:1000:563_1920x0_80_0_0_e4d04538132d95f8c8e599a665282b4f.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа “Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект атәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа “Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект атәы
“Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект хацнаркуеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи. Уи хәҭа-хәҭала еихшазаауеит, иара аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 8 рзы еиҿкаахоит аԥсадгьыл аҵеицәа зааӡаз анацәа рфотосахьақәа рӡыргара. Иахьазы амузеи имҩаԥнаго аусуреи, афотоҭыхымҭақәа реидкылараҿы ирыцхраауеи, ас еиԥш аматериал аҭоурых азы аҵакы атәы далацәажәеит Гәдоуҭа иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа."Абри аибашьра иалахәыз, иалсыз ирызкуп, аха раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз, иҭахаз 1716-ҩык ранацәа роуп. Хымԥада, афотосахьақәа реизгара даара иуадаҩуп, аиҳарак ҳамоуп, аха ҳазлацо -ҳазлаауа ахьҳамам аҟынтә Мрагыларатәи афронт иадҳәалоу рзы дҳацхраауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә комиссариат аҟны аус зуа Рауль Амҷба. <…> Аибашьра ахьанҭара, алаӷырӡ, агәырҩа иаҵгәоз анацәа 80% иахьа Гәдоуҭа араион аҟны рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Зыԥсы ҭоугьы, зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы рфотосахьақәа еизаҳгоит", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.Лара иазгәалҭеит Аԥсны раионцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа зыхьӡ зынӡа иҳәам, зыхшара аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз, агәырҩа зҽылаҳәаны зыԥсҭазаара иалҵыз анацәа шыҟоу.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0e/1050160962_109:0:1000:668_1920x0_80_0_0_2245deb196086f4229bb5370dc4710e5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
“Афырхацәа зааӡаз анацәа” захьӡу апроект хацнаркуеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи. Уи хәҭа-хәҭала еихшазаауеит, иара аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 8 рзы еиҿкаахоит аԥсадгьыл аҵеицәа зааӡаз анацәа рфотосахьақәа рӡыргара. Иахьазы амузеи имҩаԥнаго аусуреи, афотоҭыхымҭақәа реидкылараҿы ирыцхраауеи, ас еиԥш аматериал аҭоурых азы аҵакы атәы далацәажәеит Гәдоуҭа иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Абри аибашьра иалахәыз, иалсыз ирызкуп, аха раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз, иҭахаз 1716-ҩык ранацәа роуп. Хымԥада, афотосахьақәа реизгара даара иуадаҩуп, аиҳарак ҳамоуп, аха ҳазлацо -ҳазлаауа ахьҳамам аҟынтә Мрагыларатәи афронт иадҳәалоу рзы дҳацхраауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә комиссариат аҟны аус зуа Рауль Амҷба. <…> Аибашьра ахьанҭара, алаӷырӡ, агәырҩа иаҵгәоз анацәа 80% иахьа Гәдоуҭа араион аҟны рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Зыԥсы ҭоугьы, зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы рфотосахьақәа еизаҳгоит", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны раионцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа зыхьӡ зынӡа иҳәам, зыхшара аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз, агәырҩа зҽылаҳәаны зыԥсҭазаара иалҵыз анацәа шыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.