Аԥсны иазгәарҭоит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра. Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа еиҵагыло аҿар ишрыдыркыло, иара аԥсуа литератураҟны илагала, абарҭқәа ртәы дазааҭгылеит арадио Sputnik асас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, алитература аҟәша аусзуҩы Алиса Инаԥшьԥҳа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.