АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Уаҵәы, жәабран 19 рзы Аҟәа ӡыржәтәда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Асааҭ 00:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аӡыржәтә аанкылахоит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Алашарабага, Ешба имҩаду, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.
Аӡы аанкылахоит Имам Шамиль имҩа аҟны аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.