Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыки-ҽнаки рыла икажьуп украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 96

Урыстәылатәи Арбџьар мчқәа Украина имҩаԥыргоит арратә операциа ҷыда.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи аҳаирпланқәеи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәеи икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 96, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, БПЛА, аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит Франциа иҭрыжьыз азенит-ракетатә комплекс SAMP/T, 138 раион рҿы УкрАМ реибашьцәа, риебашьыга техника.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 571 ҳаирыплан, 266 вертолиот, 12819 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 471 зенит-ракетатә комплекс, 15107 танки акәылӡымашьынеи, 1222 реактивтә система, 8102 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи.