Аԥсны

Бедиатәи ауахәамаҿы ихымԥадатәиу аусурақәа ирылацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҟны

Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Бедиатәи ауахәамаҿы ихымԥадатәиу аусурақәа ирылацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҟны.
Ахаҳә иалху аҟәырӷ ду ахьықәыргылатәу азхьаԥшра аҭаны ауахәама ахыб аиҿартәышьа авариантқәа ирылацәажәан.
Иара убасгьы ирзааҭгылан Аҟәатәи Амилаҭтә галереиа аргылара аескизтә проект аԥсахрақәа. Аҵыхәтәантәи авариант аҟны агалереиа анапхгареи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭеи ражәалагалақәа азхьаԥшра рыҭахоит.
Апроект аҟны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиекти ҳаамҭазтәи ахыбреи рархитектуратә еинраалашьа иазхьаԥшхоит.