Аԥсны

Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәеит Аҟәа

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, арккаҩы, аҵарауаҩ Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы. Аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз, 1960 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәеит Аҟәа.
Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыраз ибаҟа ҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, атәыла анапхгара, адепутатцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа.
Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, раԥхьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аредактор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа диит 1874 шықәса жәабран 21 рзы.
Аԥсны 2024 шықәса Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп.