АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсны атранспорттә прокуратура аԥсыӡкыгаӷба "Eminogullari 4 NºA341388" ҿы хҩык аҭырқәа ԥсыӡкцәа рҭахара аганахьала апроцессуалтә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит атәыла Апрокуратура хада аҟны.
"Аекспертцәа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит, аӡбарҭатә експертиза мҩаԥыргоит, ашаҳаҭцәа иразҵаауеит. Агәаҭара аихшьаалақәа рыла аӡбара рыдыркылоит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Агәаҭарақәа рлыҵшәақәа рыла апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит.
Аԥсыӡкыгаӷба Пицунда аҟәарахьы идгылеит жәабран 16 рзы. Аекипаж алахәылацәа хҩык рыԥсҭазаара иалҵит, даҽа ԥышьҩык Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит. Амедусзуҩцәа урҭ рҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит.