Аԥсны

Баҭал Аиба Апарламент аҟны ахада ихаҭарнакс дҟаҵоуп

Уаанӡа, Апарламент аҿы ари анапынҵа наигӡон аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Баҭал Аиба Жәлар Реизараҟны Аԥсны ахада азинмчнагӡа змоу ихаҭарнакс дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аслан Бжьаниа 2024 шықәса жәабран 21 азы.
Баҭал Аиба уаанӡа атәыла ахада ицхырааҩыс дыҟан адәныҟаекономикатә зҵаарақәа рзы, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара VI ааԥхьара адепутатс дыҟан.