Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит. Ареспублика аветеранцәеи, атәылауааи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аилибакаара, аманшәалара, аизҳазыӷьара, аҭынчра.
"Ари амш символны ирзыҟоуп Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара, ргәымшәара, рхамеигӡара. Урҭ хацәынмырхала рықәԥара иалҵшәахеит Аԥсны иахьа асуверинитети акультуратә традициақәеи зыхьчо, хьаҵра ззымдыруа ҳәынҭқарраны аҟалара", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла ахада иҳәоит ари амш аҽны "ҳҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы хьыӡла-ԥшала ҳадгьыл зыхьчоз афырхацәа" ргәаладыршәоит ҳәа. Урҭ ргәымшәара, рхаҵара агәыҭгара унаҭоит, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аинтересқәа рыхьчареи Аԥсны амилаҭтә акзаара иашьаҭаны ишыҟоу угәаладыршәоит.
"Иахьа, ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауааи аветеранцәеи, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз алшамҭақәа раҳаҭыр азы. Шәара шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи ҳтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи ҵаҵӷәыс ирзыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.