Аԥсны

Аԥсныҟа иаларгало аиҭаҳатәқәа азҩыдатәра иалагоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны аусура иалагоит атәылахь иаларгало аиҭаҳатәқәа зҩыдазтәуа афумигациатә отриад.
Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Омар Ҵәыџьба иажәақәа рыла, ԥшьҩык аусбарҭа аусзуҩцәа Краснодартәи атәылаҿацә иаҵанакуа "Россельхознадзор" аусбарҭаҿы аҵара рҵоит, анаҩс аҽа курск иахысуеит Новороссиисктәи абаӷәазаҿы.
Ҵәыџьба иҳәеит аотриад иаҭаху амаҭәахәқәа зегь шаахәоу.