Аԥсны

Тҟәарчал араион ахада 2023 шықәсазтәи аихшьаалақәа аҳасабырба ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниа аҳәынҭԥарақәа хықәкыла рныхра шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. 2023 шықәсазы Тҟәарчал араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2,5% инацны инагӡоуп. Абри атәы иҳәеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа, Атәыла ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.
Ауснагӡала ахашәалахәы ҳәа иарбан 311,8 миллион мааҭ, иалалеит — 319,7 миллион мааҭ.
Дочиа иажәақәа рыла, Тҟәарчал араион абиуџьет аныхтәии ахашәалахәытәии хәҭа еизҳаит Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ҵыԥх иазоужьыз аԥара иабзоураны.
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма инақәыршәаны аа-проектк нагӡан Тҟәарчал араион 2023 шықәсазы, урҭ ирықәхарџьын 2,7 миллион мааҭ иҳәеит Исидор Дочиа.
Урҭ иреиуоуп:
арахәааӡаразы х-проектк, 1,5 миллион мааҭ;
ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа аус рыдулареи рыҵәахреи рзы ҩ-проектк, 700 нызқь мааҭ; амеханизациа маҷ аахәаразы ҩ-проектк, 295 нызқь мааҭ;
аԥсаатәааӡаразы-проектк, 290 нызқь мааҭ.
Дочиа иазгәеиҭеит Речхә ақыҭан акалмаҳааӡаратә нхамҩа шаарту. Ари апроект анаплакҩы 150 млн мааҭ ахҭниҵеит.