АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи МиГ-29 аҳаирпланқәа ҩба карыжьит Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рыдагьы иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 92, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 574 ҳаирыплан, 267 вертолиот, 13315 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 473 зенит-ракетатә комплекс, 15207 танки акәылӡымашьынеи, 1223 реактивтә система, 8152 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи.