Аԥсны

Алиса Гыцԥҳа II Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра алауреатцәа аконцерт хада мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik, Анжелика Бениа. Алиса Гыцԥҳа II Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра алауреатцәа аконцерт хада мҩаԥыргеит амузеи-ҳәырԥсарра "Остафьево – Русский Парнас" аҟны, жәабран 25 аҽны.
Ахәылԥаз аҟны Беллини, Штрауси, Верди, Бизе, Чаиковски, Рахманинови рромансқәеи рариақәеи нагӡан.
Аԥсны
Алиса Гыцба лмузыкатә еицлабра иаиааиз рылаҳәоуп
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгылеит аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа, иара убас Софиа Сақаниа, Кристина Попова, Валериа Лобанова, Мариа Самусева, Никита Каиацки, Ольга Добрыдина. Афортепиано — Викториа Иванова.
Алиса Гыцԥҳа иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥган Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны азхаҵара 15-шықәса ахыҵреи аҳаҭыраз, аконцертқәа мҩаԥысит Москвеи Аҟәеи 2023 шықәсазы.