Аԥсны

Аӡбарҭа латәарадатәи арбаандаҩра даҵанаркит Аацы ақыҭа анхаҩы азинхьчаҩцәа рҿагыларазы

Адамыр Ԥачалиа амилициа аусзуҩцәа дырҿагылеит, Очамчыра араион ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы и.н. Захариан дишьклахысны дыбналеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Галтәи аӡбарҭа латәарадатәи арбаандаҩра даҵанаркит Аацы ақыҭа анхаҩы Адамыр Ԥачалиа ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ԥачалиа жәларбжьаратәи ашьҭазаара изыҟаҵоуп. Уажәы иара Аԥсны анҭыҵ дыҟоуп.
45 шықәса зхыҵуа Адамыр Ԥачалиа ԥхынҷкәын 25 рзы амилициа аусзуҩцәа аҿагылара риҭеит, Очамчыра араион ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы и.н. Захариан дишьклахысит. Абри ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи аҳәынҭномерқәа змамыз автомашьына Мерседес ала дыбналеит.
Ԥачалиа иганахь ала ԥхынҷкәын 26 рзы ашьаус хацыркын амч ахархәарази, закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара, амазаара, амҩангара рзи.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион инхо ахаҵа амилициаа аҿагылара ахьриҭаз азы ишьҭазаара рылаҳәоуп