Аԥсны

Очамчыра араион аҟны аҵҩаақәа амца ркит

Аԥсны АҶА иазгәарҭоит иҟоу аԥхарреи иасуа аԥшеи ирыхҟьаны амцабыз иаразнак аҽшарҭбаауа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Очамчыра араион аҟны ҩаԥхьа аҵҩаақәа былуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
"Еснагь еиԥш ибылуеит Мықә, иара убас Маркәыла, Акәаскьа, амҩаду хада иахьаԥну Арадуи Кындыӷи. Маркәыла амцыбз наӡеит ажәҭра аҟынӡа. Анхарҭа ҭыԥқәа акырӡа ирзааигәахеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥачлиа иажәақәа рыла, иахьабалак амца дырцәеит Маркәыла ада, уа уажәыгь амца арцәара иаҿуп. Амца арцәара иалахәын 25-ҩык рыла ишьақәгылаз амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба.
Иара убасгьы, Аԥсны АҶА иаанацҳауеит Гали Гагреи араионқәа рыҟны аԥсабаратә былрақәа аҭыԥ шрымоу, 30 гектар шбылхьоу.
Аусбарҭа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҵҩаақәа амца рыцрарымҵаларц, иҟоу аԥхарреи иасуа аԥшеи ирыхҟьаны амцабыз иаразнак аҽарҭбаауеит.