Аԥсны

Аҟәа ақалақь ауаҩшьра ҟазҵаз иус Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп

Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Емирџьан Иылмаз Аҟәа ақалақь аҟны дыршьит лаҵара 23 2023 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Ниџьаҭ Дадашов иганахьала аус Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахәаԥшразы инарышьҭит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ахаҵа Ҭырқәтәыла атәылауаҩ 2023 шықәсазы Аҟәа дишьит ҳәа ахара ихараҵоуп.
Апрокуратура хада аинформациала, Дадашов ари аус дадиԥхьалеит аҳәаанырцәтәи ацәгьоуратә гәыԥ "Халил АЕ" ахада, агәыԥ "Далтон" ахадараҿы игылоу ауаа рышьразы. Ауаҩшьразы уи 60 нызқь доллар изыршәараны иҟан.
2023 шықәса лаҵара 23, асааҭ 14:10 рзы Аҟәа агәаны Дадашов Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Емирџьан Иылмаз жәеизантә диеихсит. Иылмаз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Еиуеиԥшым ахәрақәа роуит даҽа ԥшьҩык ауааԥсыра.
Дадашов гәҭакрыла ауаҩы дшишьыз азы иҿиқәшаҳаҭхеит.