Аԥсны

Аԥсуа закәанԥҵараҿы "арезидент" ма "ирезидентым" аилкаарақәа цәырҵыр алшоит

Жәлар реизара асессиа аилатәара мҩаԥысит жәабран 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны раԥхьаӡа акәны авалиутатә ҭышәныртәалараз "арезидент" ма "ирезидентым" аилкаарақәа азакәанԥҵаратә ҩаӡарала иалагалахар ҟалоит.
Адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит урыстәылатәи азакәан иаҿырԥшны аус зыдулоу "Авалиутатә ҭышәынтәалареи авалиутатә хылаԥшреи рзы" азакәан апроект.
Адокумент ишьақәнаргылоит:
авалиутатә ҭышәынтәалареи авалиутатә хылаԥшреи рзинтә шьаҭақәеи рыпринципқәеи;
Аԥсны аофициалтә валиута – урыстәылатәи амааҭ ауп, егьырҭ авалиута-хкқәа зегьы аҳәаанырцәтәиқәа ирыҵанакуеит; ◽
авалиутатә ҭышәынтәалареи авалиутатә хылаԥшреи рымҩаԥгаҩ – Амилаҭтә банк, Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра;
арезидентцәа рыбжьара авалиутатә операциақәа реиқәыԥхьаӡа нагӡа.