АҞӘА, жәабран 29 - Sputnik. АдәАР ПРООН аҟынтәи иазыԥшуп "Аԥсны аоккупациахыхра" аганахьала аусураз адыррақәа раҿаԥҽра. Абри атәы аанацҳауеит АДәАР амедиацентр.
Иазгәаҭоуп ари аҩыза аинформациа шкьыԥхьыз ЕАА жәларбжьаратәи аҿиаразы амаҵзура (USAID) аофициалтә саит аҿы. Ари амаҵзура ауп аиҿкаара аԥара азоузыжьуа. Иара убасгьы аусбарҭа адҵа ҟанаҵеит ПРООН аԥара ззоунажьуа аԥснытәи аинформациатә хыҵхырҭақәа рсиа, урҭ рхықәкы, аԥара шаҟа рзоурыжьҭуа.
"ПРООН аганахь ала арҭ адыррақәа аҿаԥҽымхар Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра уи аҭакс ииашан ҳәа иаԥхьаӡо ауснагӡатәқәа аднакылоит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ПРООН Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ирзоурыжьуа аԥара 20 миллион доллар ишынаӡо, иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа ареспубликаҿы ауаажәларратә гәаанагара ашьақәҟьара зҽазызшәо аԥснытәи аинформациатә хыҵхырҭақәа ишроуа.