Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Мариа Глускер лыԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 29 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Мариа Глускер лыԥсҭазаара далҵит.
Глускер 102 шықәса лхыҵуан.
18 шықәса зхыҵуаз Мариа Захар-иԥҳа Глускер афронт ахь дцеит 1941 шықәсазы, раԥхьа амедиаҳәшьас, анаҩс апартизанцәа ргәыԥ ахь диасыр акәхеит.
Глускер иланашьоуп Аеҵәа ҟаԥшь аордени, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, иара убас "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", апартизантә отриад аҟны лыҟазаараз, агәыԥмаӡа аҟны лусуреи рзы амедалқәеи.