Аԥсны

Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ашәарҭадараз ашәарҭара аҭаргылара аҿагылара аиуеит ҳәа

Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҟанаҵахьан хәажәкыра 7 рҟынӡа Аԥсны аус зуа аиҿкаара ПРООН аҟынтәи "Аԥсны аоккупациахыхра" аганахь ала аусураз аинформациа аҿаԥнаҽырци ПРООН аԥара ззоунажьуа аԥснытәи аинформациатә хыҵхырҭақәа рсиа акьыԥхьырци.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ашәарҭадара ҵызшәаауа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура аҿагылара аиуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Аԥшьаша, жәабран 29 рзы аминистр ПРООН (UNDP - азгә.) апрограмматә менеџьер Вардон Хоџьои дидикылеит.
"Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аматериалқәа рыла UNDP ҳтәылахь иаанашьҭуеит аԥара маҷымкәа. Ҳара адырра ҟаҳҵеит аиҿкаара аԥара зазоурыжьуа инҭкааны аҵаҵӷәы амамзар аҿагылара шаҭахо, иазгәаҳҭеит Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ҵызшәаауа аусура ҭакда ишнымхо", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Уаанӡа аминистр иазгәеиҭеит ПРООН Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ирзоурыжьуа аԥара 20 миллион доллар ишынаӡо, арҭ аԥарақәа ареспубликаҿы ауаажәларратә гәаанагара ашьақәҟьара зҽазызшәо аԥснытәи аинформациатә хыҵхырҭақәагьы ироуеит ҳәа.
Аԥсны
АдәАР ПРООН аҟынтәи иазыԥшуп "Аԥсны аоккупациахыхра" аганахьала аусураз адыррақәа раҿаԥҽра