Аԥсны

Тыҩба еиҭеиҳәеит Маркәыла абылра ирнаҭаз аԥхасҭа атәы

Sputnik
Ааигәа арадио Sputnik аефир аҿы Ешсоу Тыҩба еиҭеиҳәон иус ширҭбааз, аекономика аминистрра абизнес маҷ азы ирымоу апрограмма иҽшалаирхәыз, ашәырӡқәеи ашәырқалмышьқәеи ахьыҟаиҵо ацех шеиҿикааз.
Аха рыцҳарас иҟалаз, ааигәа Очамчыра араион аҿы иҟаз амцакрақәа ирыхҟьаны Ешсоу амшәмаахыр ахьыиааӡоз ибаҳча нықәыблаа ицеит.
"Амца аԥша иаанагеит Баслахәынтәи. Аҩнынтәи абаҳча аҟынӡа ҳнеиаанӡа хә-минуҭк ала амца ахысхьан. Даара азарал ду ҳамоуп. Быжь-нызқь шьапы амшәмаахыр нықәблаа ицеит. Сашьцәеи сареи ҳнапала еиҭаҳҳаз ауп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ешсоу игәи илаӷырӡи еилаҵәо.
Шәахәаԥш арадио Sputnik астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.