Аԥсны

Аҟәа афымцахархәаразы 569,2 миллион мааҭ еизган 2023 шықәсазы

Зынӡа Аҟәа 28550 абонентцәа ыҟоуп
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аҟәа афымцахархәаразы 569,2 миллион мааҭ еизган 2023 шықәсазы. Аизгақәа иартәеит 41%. Абри атәы Аслан Бжьаниа иеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
Ешба иажәақәа рыла, 2022 шықәса иаҿырԥшны аҳҭнықалақь аҟны афымцахархәара ҵыԥх 13% рыла еиҵахеит , 18% -2021 ш. иаҿырԥшны.