Аԥсны

Аслан Бжьаниа Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ашәҭшьҭаҵара инеит Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡатәи ахада Едуард Кокоиты, Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра.
Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-аԥша" I аҩаӡара аорден занашьоу, иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба абҵара 26 1994 шықәсазы Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы - деиҭалхын.
Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи