Аԥсны

Џьгьарда Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәаладыршәеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Џьгьарда Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәаладыршәеит.
Ашәҭшьҭаҵара инеит Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡатәи ахада Едуард Кокоиты, Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра.
Аԥсны
Зыжәлар ирыгәҭылсаз ауаҩы: Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса ҵит
Аԥсны Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь хәажәкыра 4 рзы иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 75 шықәса. Иара наунагӡа иԥсадгьыл аҭоурых аҿы даанхоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара зхааны иҟалаз атәыла ахада иакәны.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.