Аԥсны

Зыжәлар ирыгәҭылсаз ауаҩы: Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса ҵит

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ԥсабарала иҷыдаз аҟыбаҩ, иҷыдаз аҟазшьа, иҷыдаз ауаҩра, аҳалалра злаз уаҩын ҳәа иӡбахә иҳәоит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Sputnik
Аԥсны Ахадараҿы ҳҳәынҭқарра иахагылаз ҳаԥхьагылаҩцәа еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы акыр аџьабаа баны зыжәлар ныҟәызгаз рахьтә сара акыр исзааигәаз дреиуоуп Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Уи даара згәы аартыз, анхаҩгьы аусзуҩгьы - зегьы ирзааигәаз, урҭ ргәы иҭаз иаразнак еилызкаауаз, рывагылашьа иақәшәоз уаҩын. Насгьы, иара Асовет Еидгыла иааӡаз дреиуан, "даӡрыжәхьан", алыхәҭа дкылнаххьан, аекономикеи аполитикеи даара ибзиан идыруан, Аԥсны анҭыҵгьы аҩызцәа дуқәа рацәаҩӡаны иман, Урыстәылатәи Аҳәынҭқаараҿгьы ишәқәа аартын.
Сара раԥхьаӡа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иӡбахә ансаҳаз Аҟәатәи арҵаҩратә институт актәи акурс аҿы стәан. 1989 шықәсазы ауп, ақырҭқәеи аԥсуааи аиҿагылара ӷәӷәа рыман, усҟан Очамчыра араион араиком актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан иара. Ақырҭуа жәлар рхаҭарнакцәа абџьар зкыз ауаа рацәаҩӡаны Очамчыра иалалеит, амҩа хадала Аҟәаҟа жәылара ицарц. Сергеи Багаԥшь ари аҩыза аниаҳа, дзықәгәыӷуаз, бџьарала еибыҭаз ауаа аашьҭихын, Аалӡга ацҳа аарцә днеины дгылеит. Уи идыруан дара раанкылара шыцәгьаз азы, даалаган аҷкәынцәа рнапы ианиҵеит ацҳа агәҭа инахараны абылтәы зҭаз амашьына дыргыларацы, иаанымгыларц иалагар, еихсны иԥыржәарц. Даргьы даара рыҽдрыӷәӷәеит, ахысрақәагьы ирылагеит, уимоу, уа иалагылаз изларҳәо ала, Сергеи Уасил-иԥа инапгьы рхәит, аха ахцәхәыц еиԥш ирацәаз, зхы ҭҟьаны Аҟәа иажәларц иаауаз ақырҭқәа ԥыҭраамҭак уаҳа изымцо иааныркылеит. Ашьҭахь, иара ибзоурала еиҿкаахеит аиҿцәажәара, уи аамҭа агеит, ҳара ҳтәқәа аԥсуаа уии уии рыбжьара рхы иахәеит, амҩақәа ркит, ахәыҷқәа Аҟәа иалыргеит, бџьарла рҽеиқәдыршәеит.
Аԥсны
Ауаҩра, агәаӷьра, аҳалалра злаз: Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы
Сара акырынтә сақәшәахьан Сергеи Уасил-иԥа дышгылаз абри ажәабжь иҩызцәа аиҭаҳәара ианалагоз, аха иара зныкгьы ажәабжь аҵыхәанӡа идимырҳәацызт, ражәа абжара иааникылон "сара иҟасҵаз аума, аҷкәынцәа иҟарҵаз ауп ишәҳәаша" ҳәа.
Уи ашьҭахь Сергеи Багаԥшьи сареи ҳаибадырит алхрақәа рыламҭалаз. Усҟан сара избеит, уаанӡа иара изы ирҳәоз абзиарақәа зегьы дышрылаҟаҵәҟьаз, дышуаҩдууз, дышхәыцҩыз, дышполитик бзиаз, ихы инаркны ишьапаҟынӡа дшаԥсуаз.
Алхрақәа раан иҟан аиҿыхарақәа маҷымкәа, уажәы-уашьҭан ҳажәлар реиҿагылара амашәыр алҵыртә аҟынӡа, аха иара зегьы дрыхьӡон, иара данаацәырҵлак, данаарыбжьацәажәалак, ажәлар акагь ҟамлазшәа рыхқәа ларҟәны, иԥхашьаԥхаҵо иааиԥырҵуан. Убриаҟара иаҳаҭыр ӷәӷәан ажәлар рҿы, убриаҟара пату иқәын аполитикцәа рыҿгьы.
Сергеи Уасил-иԥа Аԥсны Ахадас даналырх, рацәак аамҵыцкәа ашәарҭара ҟалеит Кәыдры Аиҩхаахьы. Избанзар, уаҟа бџьарԥсарала ирацәаҩӡаны иҳажәларц рыҽрыхианы итәан ашәанцәа. Иаарласны акы ӡбамзар, еиҭах ирхыргаз аибашьра аҩыза иналагылон ҳажәлар. Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, иара иажәақәа усҟан иҳаиҳәоз:
Арадио
Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: иара иеиԥш ажурналистцәа рзы иаартыз дысгәалашәом
"Ар рспециалистцәа изласарҳәаз ала, ҳаҷкәынцәа хәышәҩык рҟынӡа ақәаҳҵароуп Кәыдры ҭаҳарцәырц азы. Аха сара мап скит, хәышәҩык ақәаҳҵозар, нас Аԥсны заҳҭахуи, сҳәеит!"
Иҩызцәа ааигәақәа еиҭарҳәо саҳахьан, мчыбжьык аҩнуҵҟа, Сергеи Уасил- иԥа акаҳуеи аҭаҭыни рыда акы иҿахьы инеигомызт ажәылара иалагаанӡа ҳәа.
Сергеи Уасил-иԥа инапхгарала ҳар имҩаԥыргеит убри аҩыза ажәылара, убри аҩыза атактика бзиа, ҳаҷкәынцәа рҟынтәи аӡәзаҵәык ида уаҩы дҭамхакәа Кәыдры Аиҩхаа ҭадырцәит. Ари ахҭыс ду, ҳажәлар рзы, аҵак ду аман, избанзар, ҳааҵраҿ итәаз ҳаӷа есымша дшәарҭан, данжәылоз ҳаздырӡомызт. Зегь раҵкысгьы уаҩ дзеигәырӷьашаз, ҳажәлар амҵәыжәҩа рызҭаз, убри ашьҭахь Урыстәыла Дуӡӡа Аԥсны азханаҵеит, ҳҳәаақәагьы, ҳамшынгьы, ҳажәҩангьы хьчахеит.
Убри агәырӷьара ҳажәлар зегьы реиԥш саргьы сеигәырӷьеит, аухаҵәҟьа, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь изкны изҩит ажәеинраала. Убри ажәеинраала ала иаатуеит сышәҟәы "Амш хәашьқәа цеит…" Абараҟа иаазгоит ажәеинраала шеибгоу:
Аԥсны азыҳәан… С. У. Багаԥшь изкны
Ара ацҳақәа ӷәӷәала иҵысуан,
Ара ажәҩангьы шәшьын даҽакала.
Еиҭах, иаҳзыԥшузеи ҳәа иԥшуан,
Ҩ-жәларык еибашьуама еидынҵәалан?
Ҳа ҳахәрақәа мӷьацызт макьана,
Инеиҵыхны ҳамгәырӷьацызт, мап.
Еиҭах еибашьроуп нас, рҳәама: "Еиҭах аӷа иҭыԥаҿ дҳартәап!
Идәықәлеит уа аҷкәынцәа еижәхыслан,
Инукыло дарбан, мшәа, ара?!
Акәараҷҷеиԥш, аӡиасқәа ирырсуан,
Иԥжәаҵәҟьама ажәлар рыҭра?
Ус дцәырҵит урҭ ҳахәрақәа зныруаз,
Дхәыҷаахыс урҭ ҳхьаақәа злаҽхьаз.

Уа ҳажәлар қьыз-қьызуа иануазыруаз,
Ргәырҩа-мца зыцрасны ибылхьаз...
Уи ҳалигеит аибашьра шоура,
Уи икаимҭәеит ҳажәлар ршьа.
Шәеиқәхама, аҳаҳаи, шәыԥсқәа ҭоума,
Ҳаиқәхеит, уажәшьҭа ихышәт аҳаԥшьа!
Уи иныҳәаҿа аажәыроуп ҳахныҳәан,
Иахьа аамҭа зыцныҟәаз уи иоуп.
Имам хәарҭаԥшь акы азыҳәан,
Багаԥшь Аԥсны азыҳәан дыхиоуп!
Ԥыҭрак ашьҭахь, убри ашәҟәы азы исанашьахеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Абра иазгәасҭар сҭахуп, мчыбжьык ала, абри ажәеинраала иалхны ашәа шиҩыз Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгелиа, иара ихаҭа иагьынаигӡеит ҳҳәынҭқарратә телехәаԥшра "Шьыжьыбзиа Аԥсынтәыла" аҿы. Ашьҭахь, акомпозитор уи ашәа анота инапы ақәҵаны ҳамҭас исиҭеит, иахьауажәраанӡагьы сыԥсы иаҵаҵан исымоуп.
Даара сгәы снархьуеит, ианысгәалашәалак, Сергеи Уасил-иԥа аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз, уи ажәеинраала аԥхьара ахьсықәшәаз, уи зныкҟьара амцаԥшь сыхнажьит.
Сергеи Уасил-иԥеи сареи акырынтә ҳаиқәшәахьан, ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҿы имҩаԥаагахьан аиҿцәажәара бзиа, иахьагьы еиқәханы иҟоуп урҭ аамҭа бзиақәа ҳгәалазыршәо афотосахьақәа.
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны
Сара исгәалашәо ахҭыс бзиақәа рахьтә абраҟа иалыскаауеит урҭ руак. 2011 шықәсазы ауп, аусураҿы сыштәаз, аҭел аккаҳәа абжьы геит. Иаашьҭысхзар, азныказ даара иџьасшьеит, уи ибжьы здырит аха, уи ашәымҭаз сахьазыԥшымыз азы азныказ исҳәоз сҿамшәеит.
- Сергеи Багаԥшь соуп узыргәамҵуа, аказы суҳәоит, амала мап сцәумкын!
- Мап шԥашәцәыскуеи, исылшо акакәзар,- уаҳа даҽа ажәак ацҵаха соуаанӡа ҿааиҭит,- мчыбжьык ала Аҳәынҭқарратә делегациа сыманы Ҭырқәтәылаҟа сцоит, уаргьы усыцзар сҭахуп!..
- Ибзиоуп!- сҳәеит,- уаҳа даҽа ажәак ацҵаха соуаанӡа, иара ишиҟазшьаз еиԥш, аҿыгә-ҽыгҳәа дааччан, нас инациҵеит, - ҳашьцәа уанрылаԥшлак, уаҟа умуза иҵегь иҿыхаргьы ҟалоит!
Уи акәхеит, мчыбжьык ашьҭахь Аҳәынҭқарратә делегациа иалаз зегьы Ҭырқәтәыла ҳнеит, уа иара ишиԥылаз, шаҟа иҳаигәырӷьан ҳрыдыркылаз, уи ҿык-бзык ала ҳәашьа амам, насгьы, сара урҭ амшқәа ирызку сгәалашәарақәа скьыԥхьхьеит азы, уаҳа салацәажәом, акызаҵәык, иара Сергеи Уасил-иԥа идҳәалоу хҭыск сҳәоит.
Аԥсны
Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз
Ҭырқәтәылатәи ҳныҟәарақәа ԥшьымш раҟара рхылахьан еиԥш, аԥсуаа зегь раҵкыс ирацәаҩны иахьынхоз ақыҭа Озунџьи Орман (Гәынба иашҭаҿ) иақәдыршәеит аиԥылара дуӡӡа. Уахь ҳара Аԥснынтәи ҳделегациа мҩахыҵуеит ҳәа анраҳа, инеиит Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа рацәаҩӡаны. Ашҭаҿы уаа-зқьҩык зкуаз ашьаԥа дуӡӡа дыргылеит, ҳаргьы ҳдыртәан, акрыфара ҳнапы наҳаркуан еиԥш, Ахада Иусӡбарҭа Аиҳабы Логәуа Алик Иван-иԥа дыццакы-ццакуа днасхагылан, исеиҳәеит, Сергеи Уасил-иԥа даара иҭахуп абри аизара ду аҿы уцәажәар ҳәа. Иҟасҵоз, мапкышьа сымаӡамызт, шәымҭақәак рыла сазхәыцыр акәын иҳәатәыз шҳәатәыз, иахәҭоу акы агмыжькәа.
Уи нахыс акы сацҳазшәа ҟасҵеит, аха исфоз збозма, исыватәаз рҿаԥхьа аҭамзаара нышьҭасҵан, ажәлар еилақь иахьгылаз рышҟа сҿынасхеит. Шәымҭақәак рышьҭахь ажәа сырҭеит. Ацәажәара ахы наскуан еиԥш, аԥсҭҳәақәа иаарылҵын, ихааӡа амра ашәахәақәа сылахь инықәнаԥсеит. Иџьаушьаша, убри ашәымҭа инаркны, убас исҳәоз арахәыц ианылан иаауашәа аҿаанахеит, азныказ, схаҭагьы иџьасшьеит. Сцәажәан санаалга, Сергеи Уасил иԥа дахьтәазнтәи инапы иҟьеит, арахь уааи ҳәа аанарго. Саргьы иажәа ҩбамтәкәа, дахьтәаз саназааигәаха, дҩагылан, сҟәаҟәа инапы нықәиҵан, "Сгәы самжьеит!" иҳәеит.
Уи нахыс, даҽа хәымшгьы уа ҳаҟан, убриаҟара ҳаизааигәахеит, еицыз зегьы, иара ҳаԥхьа дангылаз, аӷба ҳҭазшәа ҳхы ҳаԥхьаӡон…
Уажәазы, абас иааркьаҿны ицәырызгоит, Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь изку сгәалашәарақәа. Анцәа иҳәозар, наҟ-наҟ иҵегь инарҭбааны срылацәажәар сҭахуп, ҳашьҭахьҟа иааиуа аҿар дырдыруазарцы дзакәытә уаҩ дууз ҳҳәынҭқарра иахагылаз…