АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. 230 тонна инареиҳаны амимоза Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит асезон иалагазар, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Ари 30 тонна еиҳауп ииасыз ашықәс абри аамаҭзы ареспублика иалгаз ашәҭ аасҭа. Бжьаратәла, уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 150 тонна рҟынӡа амимоза алыргоит.
Аҵыхәтәантәи ҩ-шықәсқәа раахыс иҟоу аԥхаррақәа ирыхҟьаны ареспублика иалырго ашәҭ рацәахеит. Сынтәа ииарго амимоза 250 тонна рҟынӡа инаӡар алшоит.