Гамгьиа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограммала ацхыраара шиоуз

Sputnik
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма иахәҭаку проектк анагӡаҩ, абаҳчааӡаҩ Олег Гамгьиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ари аусхк инапы заликызи, уи аус иацу акәамаҵамарақәеи ртәы.
Гамгьиа иажәақәа рыла, ақыҭанхамҩа инапы алакуижьҭеи аашықәса ҵуеит, урҭ рҟынтә ҩышықәса Аацы ақыҭан анаплакы "Ҳара ҳбаҳчаҟны" агрономс дыҟоуп.
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма аӡбахә анҳаҳа ашәҟәқәа алаҳҵеит, ақыҭанхамҩа аминистрра иаҳҭахыз рыла ҳаиқәдыршәеит иҳәеит Гамгьиа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.