Аԥсны

Гәдоуҭатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа амилициа рахь инеит TikTok аҿы иҟаз авидео азы

Авидео аҿы адҵа ҟаҵан хәажәкыра 3 рзы ахԥатәи, ма ахәбатәи аихагылаҟынтәи уԥароуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Гәдоуҭатәи ашколқәа руак ахәыҷқәа рҭаацәа амилициа рахь инеит TikTok аҿы иҟаз ишәарҭоу авидео иахырҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҩАР Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иажәақәа рыла, 3-тәи акласс аҵаҩы аролик аҿы илбеит ахԥатәи, ма ахәбатәи аихагылаҟынтәи уԥароуп ҳәа адҵаҟаҵара, уи лҩыза илзылышьҭит. Адуцәа ари еилыркаан агәҭынчымра аадырԥшит.
Амилициа аусзуҩцәа араион аҵара аҟәша аусзуҩцәеи, аԥсихологцәеи, аҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи ирацәажәеит. Дара ирҳәеит ахәыҷқәа хымԥада аинтернет аҿы изхәаԥшуа аҭаацәа ирдыруазар шакәу.
Хәажәкыра 5 рзы ашкол аҿы аҽа еиԥыларак мҩаԥгахоит.