Аԥсны

Аенергетикаҟны иҟоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада иусбарҭаҟны

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Афымцамч ахархәаразы аԥареизгара аизырҳареи закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаареи ирылацәажәеит Аԥсны ахада иусбарҭаҟны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.⠀
Аилатәара иалахәын атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада иусбарҭа ахантәаҩы Абесалом Кәарҷиа, аекономика аминистр Кристина Озган, атранспорти аенергетикеи рминистр Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи.