Аԥсны

Ахьиба атәыла ахада изеиҭеиҳәеит 2023 шықәсазы АШәМ аусура атәы

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусура зегьы "аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхеилакқәеи амаҵзура ҷыдақәеи русура" раанкылареи, аекономикатә цәгьоурақәеи акоррупциеи рҿагылареи, аконституциа ахьчареи, иара убас аҭагылазаашьа ҷыдақәеи атерактқәеи рԥырҟәҟәаареи ирзырхан. Абри атәы атәыла ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.
Иара убасгьы, Аԥсны АШәМ имҩаԥнагеит ашәарҭара иҭагылоу аргыларақәа рыҟны адиверсиеи атеракти рымҩаԥгара алмаршаразы аусурақәа.