Урыстәыла

Урыстәыла аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 47 дрон ҭадырхеит

2022 шықәса жәабран 24 раахыс Киев аҽазнашәоит урыстәылатәи аҵакыраҿ иҟоу аргыларақәа рылахысра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Хәажәкыра 8-9 руха Урыстәыла аҵакыраҟны ааҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа украинатәи адронқәа 47 ҭадырхеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иаха киевтәи арежим аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 47 рыла атеррористә акт амҩаԥгара аҽазнашәеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа рыҟны", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Ростовтәи аобласт аҟны 47 дрон ҭархан, Волгоградтәи аобласт аҟны хԥа, Курсктәи - ҩба, Белгородтәи - акы.