Аԥсны

2004 шықәса раахыс Аԥсны 239 ргылара априватизациа ҟаҵоуп

Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа аҳасабырба ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. 2004 шықәса раахыс Аԥсны 1,56 миллиард мааҭ рыхә 239 ргылара априватизациа ҟаҵоуп ҳәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.
"Зыӡбахә сымоу аргыларақәа аҳәынҭқарратә хатәра иаҵанакуа роуп", – ҳәа иҳәеит Кәыбраа.
Ҵыԥх ареспубликатә хатәра иаҵанакуа быжь-ргыларак априватизациа рзыруит, ԥхынгәымза 2020 шықәса раахыс — 19 ргылара, иааизакны 196 миллион мааҭ рыхә. Кәыбраа иажәақәа рыла, иаҳхысыз хәышықәса рыҩнуҵаҟа априватизациа зызу 56 ргыларазы 396 миллион мааҭ алагалоуп.