Аԥсны

Александр Анқәаби ливантәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәеи еиԥылеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Александр Анқәаб дырԥылеит "Ливан еиҿкаау Ачерқьесстә ассоциациа" ахада Риад Цыба зхадараҿы дыҟоу ливантәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Агуманитартә хырхарҭеи егьырҭ азҵаарақәа рыла русеицуреи ирылацәажәеит, иара убас ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ирымоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахықәкқәа ишыруаку адиаспора аусацура.
Аиԥылара иалахәын Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Жәлар Реизара адепутат Нарсоу Салаҟаеи.