Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла ҩ-вертолиотк Ми-8 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik.Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла ҩ-вертолиотк Ми-8 карыжьит. абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, БПЛА, аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит 129 раион рҿы УкрАМ реибашьцәа, реибашьыга техника.
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи аҳаирпланқәеи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәеи икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 96, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ԥшьба.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 577 ҳаирыплан, 269 вертолиот, 15362 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 485 зенит-ракетатә комплекс, 15464 танки акәылӡымашьынеи, 1238 реактивтә система, 8397 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи.