Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык ауаа рышьразы аус азыӡба азнархиеит

Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы аус аӡбарҭахь инашьҭын мшаԥымза 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәа аԥшаҳәаҿы 2019 шықәсазы хҩык ауаа рышьразы аус азыӡба азнархиеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахара рыднаҵеит:
Ерик Ҷкадуа ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониеи 350 нызқь мааҭ ахараԥса иршәареи иқәҵоуп. Аҭакра аҿҳәара хацыркуп 2020 шықәса лаҵара 29 инаркны.
Беслан Бганба ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониеи 320 нызқь мааҭ ахараԥса иршәареи иқәҵоуп. Аҭакра аҿҳәара хацыркуп 2020 шықәса лаҵара 8 инаркны.
Даҭо Ахалаиа ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониа иқәҵоуп. Аҭакра аҿҳәара хацыркуп 2019 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны.
Демур Ахалаиа ахара идҵан11 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониа иқәҵоуп. Аҭакра аҿҳәара хацыркуп 2019 шықәса ԥхынҷкәын 15 инаркны.
Аслан Блабба ахара идҵан 11 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониеи 300 нызқь мааҭ ахараԥса иршәареи иқәҵоуп. Аҭакра аҿҳәара хацыркуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны.
Аӡбарҭа иара убас аԥхасҭа зауз атәылауаа рышшыԥхьыӡ нарыгӡеит: Маииа Братухина - 290 000 мааҭ, Оҭари Зарандиа - 60 000 мааҭ.
Азыӡба иазашшыр ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы ахашшааратә коллегиаҿы.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы абҵара 22 2019 шықәсазы иҟалаз ахысраан иҭахеит Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭаа.