Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.
Ахәаԥшцәа рзы инарыгӡеит аԥсуа жәлар реиԥш, Кавкази адунеи ажәларқәеи рмелодиақәа. Аоркестр инанагӡоз амелодиақәа ашәа ацырҳәеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.
2016 шықәсазы иаԥҵаз ари аколлектив аҟны ихәмаруеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи. Аоркестр анапхгаҩы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Денис Арухаа.
Аоркестор ахықәкы хада - жәлар рашәақәеи рмузыкеи амилаҭтә рҳәагақәеи реиқәырхара.