https://sputnik-abkhazia.info/20240315/amuzyka-ashybzha-zhlar-raragaa-aynorkestr-akontsert-maysit-aa-1050451817.html
Амузыка ашьҭыбжьқәа: Жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭоркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Амузыка ашьҭыбжьқәа: Жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭоркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
2016 шықәсазы иаԥҵаз Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҟны ихәмаруеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи. 15.03.2024, Sputnik Аҧсны
2024-03-15T19:21+0300
2024-03-15T19:21+0300
2024-03-15T20:31+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/03/0f/1050449315_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_bad2d6948093adca3ebf218bae5c4df3.jpg
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.Ахәаԥшцәа рзы инарыгӡеит аԥсуа жәлар реиԥш, Кавкази адунеи ажәларқәеи рмелодиақәа. Аоркестр инанагӡоз амелодиақәа ашәа ацырҳәеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.2016 шықәсазы иаԥҵаз ари аколлектив аҟны ихәмаруеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи. Аоркестр анапхгаҩы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Денис Арухаа.Аоркестор ахықәкы хада - жәлар рашәақәеи рмузыкеи амилаҭтә рҳәагақәеи реиқәырхара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/03/0f/1050449315_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_461b581c7896c45439177f6a51b52804.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото, аԥсны, акультура
афотосахьақәа, фото, аԥсны, акультура
Амузыка ашьҭыбжьқәа: Жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭоркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
19:21 15.03.2024 (ирҿыцуп: 20:31 15.03.2024) 2016 шықәсазы иаԥҵаз Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҟны ихәмаруеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи.
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.
Ахәаԥшцәа рзы инарыгӡеит аԥсуа жәлар реиԥш, Кавкази адунеи ажәларқәеи рмелодиақәа. Аоркестр инанагӡоз амелодиақәа ашәа ацырҳәеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.
2016 шықәсазы иаԥҵаз ари аколлектив аҟны ихәмаруеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи. Аоркестр анапхгаҩы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Денис Арухаа.
Аоркестор ахықәкы хада - жәлар рашәақәеи рмузыкеи амилаҭтә рҳәагақәеи реиқәырхара.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр ықәгылеит Аҟәа.

Аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Ахәаԥшцәа рзы инарыгӡеит бзиа еицырбахьоу амелодиақәа реиԥш иҿыцу акомпозициақәагьы.

Аколлектив шьақәгылоуп ҩажәаҩык рыла.

Урҭ рахьынтә жәохәҩык амилаҭтә рҳәагақәа рыҟны иҳәмаруеит, хәҩык - аестрадатә.

Артистцәа инарыгӡеит аԥсуа жәлар реиԥш, Кавкази адунеи ажәларқәеи рмелодиақәа.

Аоркестор алахәыла дыхәмаруеит ажәытә аԥсуа милаҭтә рҳәага аԥхьарца аҟны.

Жәлар рарҳәагақәа роркестр аԥҵан 2016 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашьаҭала.

Аоркестр анапхгаҩы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Денис Арухаа.

Аоркестр шьақәгылоуп жәлар рарҳәагақәа аԥхьарца, аԥхьарца ду, ачамгәыр, ахымаа, аҿарпын, адаул, амарзакан, аҟьаԥҟьаԥ уҳәа рыла.

Аоркестор ахықәкы хада - жәлар рашәақәеи рмузыкеи амилаҭтә рҳәагақәеи реиқәырхара.

Апрограмма асасацәа - Алиас Абыхәба, Џьыми Шәманиа, Сариа Аииԥҳа.

Аоркестр ихьӡ ахуп Аԥсны Жәлар артист Оҭар Хәынҵариа.

Аконцерт рбарц иаҭааз амузыка абзиабаҩцәа, азал дырҭәит.