Аԥсны

Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны

Хәажәкыратәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы реиҳа ихьаау хҭысуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ргәаларшәо Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ауснагӡатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа.
Хәажәкыра 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ахьаҵра иалагар акәхеит. Ажәылараан иҭахеит 222-ҩы аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Аԥсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз рбаҟа дыргылеит Гәымсҭатәи амассив аҟны