Аҟәа ахақәиҭтәразы 1993 шықәсазы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара иадҳәаланы Ешыратәи аибашьцәа рмузеи еиҿнакаауа агәалашәаратә уснагӡатәқәа ртәы еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа.
"Ешыратәи аибашьцәа рбаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҟны сынтәа еиҿаҳкааит 222-ҩы Марттәи ажәылараан иҭахаз рыхьӡқәа зҳәо ацәыргақәҵа. Уи амза 17-нӡа иҟазаауеит. Хәажәкыра 16 асааҭ 19:00 рзы Гәымсҭатәи ацҳа, Владислав Арӡынба икомплекс, Ешыратәи аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша 1500 цәашьы рыла иҳарлашоит. Агәаҳәара змоу зегьы ааирц рылшоит, ас еиԥш акциа зхы алазырхәырц зҭаху ҳарзԥшуп", - лҳәеит Тәанԥҳа.
1993 шықәсазы хәажәкыра 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ихьаҵыр акәхеит. Ажәылараан иҭахеит 222-ҩы аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.