Аԥсны

Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа.
Гәдоуҭа араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, анацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡала ақалақь агәаны игылоу абаҟа амҵан.
"Ибзианы исгәалашәоит Марттәи ажәылара, шаҟа иуадаҩыз, шаҟа ишьаарҵәыраз. Хашҭра рықәым иҭахаз ҳаибашьцәа, зыԥсы ҭоу ҳветеранцәа рҿаԥхьа схырхәоит", - иҳәеит Гәдоуҭа араион ин.н. Рауль Лолуа.
Агәалашәаратә митинг ашьҭахь Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатуеит Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.
1993 шықәсазы хәажәкыра 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ихьаҵыр акәхеит. Ажәылараан иҭахеит 222-ҩы аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.