Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхрақәа цонаҵы Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа русура рӷәӷәоуп

Алхрақәа хымш ицалоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Хәажәкыра 17 рзы Аԥсны аҵакыраҿы иаадыртуеит абжьыҭарақәа рзы алхратә ҭыԥқәа 30.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхрақәа цонаҵы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа русура рӷәӷәоуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Азинеилагарақәеи ауаажәларратә шәарҭадареи рнапы ианҵоуп араионтә ҟәшақәеи аҳәынҭавтоинспекциеи русзуҩцәа. Алхратә ҭыԥқәа рҟны акомиссиа алахәылацәа ацхыраара рырҭалоит.
"Алхратә комиссиа алахәылацәеи Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны иҟоу алхрақәа ирызку адокументқәеи рыхьчареи рымҩаԥгареи еиҿкаауп. Хәажәкыра 16 асааҭ 09:00 инаркны алхратә ҭыԥқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы рыхьчара хацыркуп", — аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥсуеит хымш, хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Амҽыша, хәажәкыра 17 рзы Аԥсны аҵакыраҿгьы абжьыҭара алшоит, уи азы ашьыжь асааҭ 08:00 рзы иаартхоит алхырҭатә ҭыԥқәа 30.