Урыстәыла ахада иалхрақәа

Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинлеишәа хылаԥшра арҭоит 230-ҩык Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа

Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 30 аус рулоит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинлеишәа хылаԥшра арҭоит 230-ҩык Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Ҷкадуа иазгәеиҭеит хәажәкыра 16 раахыс алхрақәа цонаҵы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусура рӷәӷәоуп ҳәа.
"Алхратә комиссиа алахәылацәеи Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны иҟоу алхрақәа ирызку адокументқәеи рыхьчареи рымҩаԥгареи еиҿкаауп", - иҳәеит иара.
Алхратә комиссиа ахаҭарнакцәеи ауаажәларреи рҟынтәи алхрақәа рылҵшәа иаԥырхагахаша аилагарақәа аҭыԥ рыман ҳәа адырра ыҟам иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Алхрақәа хымш ицоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Алхрақәа ирылахәуп ԥшьҩык акандидатцәа – Владимир Путин, Леонид Слуцки, Николаи Харитонов, Владислав Даванков.
Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 30, дара аус рулоит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Агәаран иқәгылазгьы ҟалеит: Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны ишымҩаԥысуа