Урыстәыла ахада иалхрақәа

Ҳаразиа: Урыстәыла ахада иалхрақәа еилыкка иҟоуп, ауаажәлар рзы иаартуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхрақәа еилыкка иҟоуп, ауаажәлар рзы иаартуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа рделегациа ахантәаҩы Адгәыр Ҳаразиа.
Анаԥшцәа раҳасабала аԥсуа депутатцәа хәажәкыра 16 рзы иаҭааит Урыстәыла ауаажәларратә палата, иара убас ахада иалхрақәа хылаԥшра азҭо Ацентр аусушьа ҭырҵааит.
Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа рделегациа Урыстәыла аҳҭнықалақь иаҭааит Урыстәыла ахада иалхра ахылаԥшра ахалархәразы. Аделегациа иалахәуп Адгур Ҳаразиа, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Апарламент аппарат ахантәаҩы Вадим Бжьаниа.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Ԥлиа еиҭеиҳәеит Урыстәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа